Аԥсуа шәҟәыҩҩы, аҭоурыхтә повестқәеи ажәабжьқәеи равтор Даур Занҭариа иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 7 2001 шықәсазы, 48 шықәса дшырҭагылаз.
Жәларбжьаратәи апрограмма «Ахәыҷқәа рфестиваль ду аныҩбжьы» ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы еиҿкаау аҟазаратә фестивальуп, уи Урыстәыла акультура аминистрра ацхыраарала аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы инагӡахоит, жәларбжьаратәи акультуратә усеицура аҿиара хықәкыс иҟаҵаны.
Атеатр маҷ агастрольқәа раԥхьаӡакәны Аԥсны имҩаԥысит Урыстәыла акультура аминистрреи «Росконцерти» рыцхыраарала, апрограмма «Агастроль дуқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Алиса Гыцба IV Жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабра-лабораториа алауреатцәа Аԥсны имҩаԥырго х-концертк рыла ихыркәшахоит.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго III Жәларбжьаратәи авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи реицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит. Абри атәы аанацҳауеит аицлабра ахатәы Telegram-канал.
Ахәыҷтәы спектакль «Ҳаиҭ, ма алакә ҵыхәаԥҵәарада» аԥхьарбара мҩаԥысит РУСДРАМ рашәара 1 азы.
Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капеллеи Нижни Новгородтәи акамертә хори рконцерт мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы.
Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа «Анатиурморт. Зыԥсы ҭоу аҵабырг» Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҿы Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп анатиурморт ажанр ала еидкылоу асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа.

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru