Dinsdag, 19 Лаҵара 2026 14:49

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа «Анатиурморт. Зыԥсы ҭоу аҵабырг»

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа «Анатиурморт. Зыԥсы ҭоу аҵабырг» Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҿы Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп анатиурморт ажанр ала еидкылоу асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа.

Мадина Бигәаа, Лаша Габелиа, Геннади Барцыц, Руслан Чхамалиа, Аксана Барзаниа, Екатерина Гуськова, Адгәыр Ԥлиа, Сабина Кәарҷелиа, Ахра Гәаланӡиа, Аза Мелкониан, Надежда Назарова, Баҭал Џьапуа, Аԥшьа Ҳагба, Руслана Габлиа, Витали Кәаӡба, Мактина Гогьиа уҳәа рсахьақәа ӡыргоуп.

Ицәыргоу асахьақәа (урҭ рхыԥхьаӡара 50 рҟынӡа инаӡоит) рҿы иаарԥшуп: ашәҭқәа, ашәыр, аирыӡқәа. Иаку атематика шрымоугьы аусумҭақәа зегьы еиуеиԥшым.

Аетнонатиурморт иазхьаԥшыз Руслан Чхамалиа заҵәык иоуп. Анатиурморт иуадаҩу жанруп, иҭыху амаҭәарқәа иргәылаҵәахуп асахьаркыратә ҵак ду.

Аҟәатәи ацәыргақәҵа иаҳнарбеит анатиурморт актуалра змоу жанырны ишыҟоу, ҳаамҭазтәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа шаднаԥхьало.

Ацәыргақәҵа мҩаԥыслоит рашәарамза 10-нӡа.

Read 71 times Last modified on Vrydag, 22 Лаҵара 2026 14:51

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru