Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку алитература арҿиара аусхк аҿы Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа акомиссиа аӡбамҭала еилкаахеит апремиа алауреатцәа:
АЛАҲӘАРА Аҭҵаарадырразы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит: хаҭалатәи авторцәа рмонографиатә усумҭақәеи аколлективтә монографиақәеи;…
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра алаҳәара ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыр ибаҟа иреиӷьу апроект алхразы иаарту жәларбжьаратәи аконкурс шымҩаԥнаго.
Жьҭаарамза 30, 31 рзы имҩаԥсыуеит Антон Чехов ипиесала иқәыргылоу аспектакль «Аҷныш» аԥхьарбара С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны.
«Асду» аԥхьарбара мҩаԥысит 2024 шықәса абҵарамза 20 рзы. Аԥсуа театр Нальчик имҩаԥысраны иҟоу афестиваль «Аладатәи асцена» аҿы аспектакль «Асду» ықәнаргылоит ҳәа аанацҳауеит Ҟабарда-Балкариа Акультура Аминистрра.
Зынӡа 10-ҩык рыдыркылоит, урҭ «Актиортә ҟазара» азанааҭ ала хәыда-ԥсада аҵара рҵоит ҳәа адырра ҟанаҵоит атеатр. Абитуриентцәа Урыстәыла атәылауаҩра рымазароуп. Латәаралатәи аҵараамҭа ԥшьышықәса ыҟоуп, уи ашьҭахь аспециалист идиплом рырҭоит, «Адраматә театри акинои рартист» ҳәа азанааҭ роуеит.

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru