Woensdag, 15 Жьҭаара 2025 14:58

РУСДРАМ ирыланаҳәеит Шьукин ихьӡ зху аинститут аҿы аҵараҵаразы

 

Зынӡа 10-ҩык рыдыркылоит, урҭ «Актиортә ҟазара» азанааҭ ала хәыда-ԥсада аҵара рҵоит ҳәа адырра ҟанаҵоит атеатр.

Абитуриентцәа Урыстәыла атәылауаҩра рымазароуп. Латәаралатәи аҵараамҭа ԥшьышықәса ыҟоуп, уи ашьҭахь аспециалист идиплом рырҭоит, «Адраматә театри акинои рартист» ҳәа азанааҭ роуеит.

Шьукин ихьӡ зху аинститут иалгаз Искандер ихьӡ зху аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актиорцәа иреиуоуп: Ирина Делԥҳа, Милана Ламиаԥҳа, Осман Абыхәба, Руслан Жьиба.

РУСДРАМ излаанацҳауа ала, Шьепкин ихьӡ зху аҵараиурҭаҿы аҵара зҵо аԥсуа студентцәа ргәыԥ 2026 шықәса аԥхынразы ареспубликахь ихынҳәуеит. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык атеатр ақәыргыламҭақәа ирылахәхахьеит.

 

Read 288 times Last modified on Donderdag, 12 Жәабран 2026 13:58

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru