Аладатәи Кореиа аҳҭнықалақь Сеул аҿы Аԥсны Акультуратә центр аартра иадҳәалоу аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Ацентр ахықәкы хада – акультуратә усеицура арҿиареи, аҟазаратә ԥшьгамҭақәа, агуманитартә программақәа рыдгылара, Аԥсни Аладатәи Корееи рыбжьара аԥышәа аимдара, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура Аминистрра.
73 шықәса дшырҭагылаз машәырла дҭахеит Аԥсны иналукааша аҭоурыхҭҵааҩы, апрофессор, академик Станислав Лакоба.
Санкт-Петербург, Аҳәынҭқарратә Ермитаж Аштаб Хада ахыбраҿы имҩаԥысуеит еидцоу акультурақәа рфорум. Уи рхы аладырхәуеит 50 инарзынаԥшуа атәылақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны, Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС), Саудатәи Аравиа, Ирак, Аман, Катар, Китаитәи Жәлартә Демократиатә Республика (КНДР), Венесуела, Белорусиа, Ҭаџьыкисҭан, Узбекьысҭан, уҳәа убас егьырҭ атәылақәагьы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра.
Нанҳәа мза 27 рзы имҩаԥысуеит Аҿар ртеатр ашьаҭаркҩы, асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны жәлар рартист Софа Агәмааԥҳа 85 шықәса лхыҵреи, Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр 10 шықәса ахыҵреи иазку аиубилеитә хәылԥазы.
Нанҳәа мза 26 аҽны ақалақь Аҟәа Атеатр ашҭаҿы имҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥмышра азхаҵара Амш иазку аныҳәатә концерт. Аконцерт иалахәуп аҳәынҭқарратә аҟазаратә коллективқәеи аԥсуа естрада артистцәеи.
Аҳәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы алагалазы Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьразы Акомиссиа ирыланаҳәоит апремиа аиуразы аконкурс шаарту.
Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа ииубилеи идиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Амилаҭтә сахьатә галереиа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара амҩаԥгара ашьҭахь иаатит.

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru