АЖӘАБЖЬҚӘА
Donderdag, 27 Хәажәкыр 2025 11:12
Динара Смыр атеатр аусзуҩцәа рымш рыдылныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр атеатр аусзуҩцәа рымш рыдылныҳәалеит.
Maandag, 23 Ԥхынкәын 2024 15:00
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә концерт
Ԥхынҷкәын 27 рзы Р. Џь. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысуеит аҟазаратә коллективқәеи аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи злахәу ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә концерт. Иалагоит асааҭ 18.00 рзы. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
Woensdag, 11 Ԥхынкәын 2024 14:40
Аҧсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа
Ԥхынҷкәын 17 рзы имҩаԥысуеит Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны Жәлар рпоет, аҵарауаҩ арккаҩ ду Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа. Аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма 10.00 – Д. И. Гәлиа ибаҟа аҿаҧхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара; 11.00 – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт ахыбраҿ апоет ибаҟа аартра; 11.30 – Аҧсуаҭҵаартә институт…
Vrydag, 27 Цәыббра 2024 11:03
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа иуацәеи иҭынхацәеи.
Woensdag, 28 Нанҳәа 2024 16:46
РУСДРАМ алахәхоит Иошкар-Ола имҩаԥгахо атеатралтә фестиваль
РУСДРАМ алахәхоит Иошкар-Ола имҩаԥгахо Урыстәылеи аҳәаанырцәтәылақәеи рҟынтәи аурыс театрқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль «Аиҩызара ацҳа».
Dinsdag, 20 Нанҳәа 2024 10:51
Бедиа аныхабаа аҟны ихыркәшоуп Хьыбла Гьерзмааԥҳаи «Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи» рконцерт
Бедиатәи аныхабаа аҟны раԥхьатәи аконцерт хыркәшахеит Хьыбла Гьерзмааԥҳа иналыгӡаз, еицырдыруа асоветтә композициа амотив иалхны «Бедиатәи ахәылԥазқәа» ала.
Woensdag, 24 Ԥхынгәы 2024 11:00
Абираҟ Амш
Ԥхынгәы 23 рзы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы Сегреи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтә С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ашҭаҟынӡа Аԥсны Атәылахьчара Аминистрра иатәу аоркестр рыцны ажәлар рымҩасра мҩаԥысит.
Donderdag, 18 Ԥхынгәы 2024 11:24
XXII Жәларбжьаратәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит» аатит Аҟәа
Раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны иқәгылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, Мариинтәи атеатр асолистцәеи, асимфониатә оркестри, урҭ напхгара риҭон Атеатр ду адирижиор Антон Гришанин.
АМИНИСТРРАЗЫ
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп.