Ақаҩба Даур Вадим-иԥа

Диит хәажәкыра 15, 1979 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы.

2000 шықәса рзы Башкиртәи аҳәынҭқарратә университет, «Азиндырратә» факультет далгеит (азанааҭ – «адәныҟатәи економикатә усура азинтә еиқәыршәара»). 1995-2000 шш. – ареферент, Ареспублика Башкортостан аҿы Аԥсны Ахаҭарнакра аҿы абжьгаҩ.

2000-2009 шш. – Ареспублика Башкортостан аҿы Аԥсны Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ахаҭарнак.

2005-2006 шш. – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы.

2006-2010 шш. – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ. 2010-2011 шш. – Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аппарат аиҳабы. 2011 ш. – Аҟәатәи иаарту аинститут аҿы азанааҭдырра «Жәларбжьаратәи азин» ала алекциақәа дрыԥхьон.

2012 ш. лаҵарамза инаркны абҵарамза аҟынӡа – Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аусбарҭа азинтә ҟәша аиҳабы. 2012-2014 шш. – Урыстәылатәи Икоммерциатәым Афонд «Институт Евразийских исследований» анаԥхгаҩы ихаҭыԥуаҩ. 2013-2014 шш. – Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аусбарҭа анаԥхгаҩы иабжьгаҩ.

2013 ш. (абҵарамза) – Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы иабжьгаҩ. Абҵарамза, 2014 ш. инаркны – Аԥсны Ахада ипротокол Аусбарҭа аиҳабыс аус иуан.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу I акласс Ахаҭарнак ҳәа адипломатиатә ранг ихҵоуп. «Жәларбжьаратәи аимадара аҿиара аҿы илагала ду азы» ҳәа адыргаҷа, иара убас егьырҭ аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ианашьоуп.

Апрель 6, 20202 шықәса инаркны октиабр 30, 2023 шықәсанӡа – Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр.

2023 шықәса инаркны апрель 2025 шықәсанӡа – Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ.

Апрель 18, 2025 шықәса инаркны - Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр.

Дҭаацәароуп, х-ҩык ахәыҷқәа драбуп. 

 

 

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29 30 31  

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Полезные ссылки

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2025 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.