Dinsdag, 05 Лаҵара 2026 10:53

Ирина Муравиовеи Игор Петренкои РУСДРАМ асценаҿ иқәгылоит

Атеатр маҷ Аҟәа агастрольқәа мҩаԥнагаит рашәара 11–14 рзы.

Урыстәылатәи артистцәа Гоголь иҩымҭақәа ирылху ақәыргыламҭақәа ҩба ҳдырбоит.

Рашәара 11, 12 рзы иқәдыргылоит Муравиова ақьаӷьариа Фекла Иван-иԥҳа лроль дахьыхәмаруа аспектакль «Аԥҳәысаагара».

Рашәара 13–14 рзы — Петренко ароль хада ахьынаигӡо аспектакль «Ахәмарыҩцәа».

Абилеҭқәа акассеи атеатр асаити рҿы раахәараз алшара ыҟоуп.

 

 

Read 73 times Last modified on Woensdag, 06 Лаҵара 2026 11:02

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru