Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ииубилеи идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥсны еицырдыруа асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, арҵаҩы, Аԥсныҭәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет адекан, Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Нугзар Ҷыҷыкәа-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Шәара ганрацәала абаҩхатәра ду злоу, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо еицырдыруа сахьаҭыхҩуп. Шәҭыхымҭақәа ртематика ҭбаауп, еиуеиԥшым ажанрқәа аус рыдыжәулоит. Урҭ ирныԥшуеит ԥштәы рацәала иҩычоу ҳаԥсабара аԥшӡара, ахаара. Шәусумҭақәа уԥылоит Урыстәыла, Великобританиа, Америка, Италиа, Сан-Марино, Иапониа, Ҭырқәтәыла хазхаҭалатәи аколлекциақәа рҟны.

Иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша адекан иаҳасаб ала, шәара шәнапы алакуп аҿар рааӡара, аҟазара разхьарԥшра, ишәылшо зегь ҟашәҵоит асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа разыҟаҵаразы.

Аҟаза ду, арҵаҩы, шәааԥсарақәа зегьы хәҳаракыла ишьоуп – «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа ахьӡ ҳаракы шәанашьоуп.

Зыԥсадгьыл аԥеиԥш згәы азыбылуа, шәара активла шәалахәуп ҳтәыла аполитикатә-ауаажәларратә ԥсҭазаара, шәыбжьы рықәшәыргоит ҳҳәынҭақарраҟны имҩаԥысуа аҭоурыхтә хҭысқәа зегьы.

Шәиубилеи шәыдныҳәало, гәыкала ишәзеихьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, ашықәсынҵыра рацәа! Аҟазарахь ишәымоу абзиабара ҿымцәаауа, ҳазшаз алшара шәиҭааит арҿиамҭа ҿыцқәа раԥҵара!».

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30      

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2026 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.