Items filtered by date: Dinsdag, 03 Жәабран 2026

АЛАҲӘАРА

Аҭҵаарадырразы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит.

Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа.

Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит: хаҭалатәи авторцәа рмонографиатә усумҭақәеи аколлективтә монографиақәеи; анаукатә комментариқәеи иҷыдоу аҭҵаарадырратә аппарати зцу ҿырҳәалатәии ҩыралатәии ахыҵхырҭақәеи академиатә жәарқәеи ифундаменталтәу томрацәалатәи рҭыжьымҭақәа; иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иоригиналтәу, авторцәа рхаҭақәа ртеориатәи рексперименталтәи ҭҵаарақәа шьаҭас измоу, арҵага шәҟәқәа.

Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышқәса рыла (2023–2025 шш.) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа.

Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа.

Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аусумҭақәа аднакылоит 2026 шықәса, жәабранмза (февраль) 1 инаркны рашәарамза (ииун) 1-нӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақ., акад. Н.И. Марр имҩа, 9, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа.

Аконкурс алахәхаразы иаҭаху адокументқәа:

аҳәынҭқарратә премиа ашьҭазааҩ инысымҩа; аусурҭа аҟнытә иҟазшьарба; акьыԥхь збахьоу иусумҭақәа рсиа; атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьлаа; дықәзыргыло аусбарҭа ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аԥкаанҵа агәылҩаа; иқәыргылахо аусумҭа (хә-екземплиарк); аусумҭа ықәзыргыло аусбарҭа аҟынтә амҩақәҵаратә шәҟәы.

Ишәызцәырҵуа азҵаарақәа зегьы реилкаара шәылшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13.

Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа

 

 

 

 

Икьыԥхьуп АЖӘАБЖЬҚӘА

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Жәабран 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28  

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

РУСДРАМ на Facebook

Абх.Драмтеатр на Facebook

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2026 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.