Print this page
Maandag, 22 Рашәара 2026 15:01

Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз аицлабра алауреатцәа рконцерт мҩаԥысит Афонҿыцтәи аҳаԥы аҿы

Алиса Гыцԥҳа IV Жәларбжьаратәи леицлабра-лабораториа алауреатцәа рконцерт Афонҿыцтәи аҳаԥы аспелеологцәа рзал аҿы имҩаԥысит.

Апрограмма иалахәын Аԥсны Жәлар рартист, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, атеатр «Геликон-опера» ахкынагӡаҩ Алиса Гыцԥҳа, иара убасгьы алабораториатә еицлабрақәа рлауреатцәеи аԥхьахәгаҩцәеи: Иулиа Герасимова, Надежда Сорокина, Борис Риабухин, Давид Чакриан.

Афортепиано аҿы дыхәмарит — жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреат Антонина Кадобнова.

Аурыси аҳәаанырцәтәи акомпозиторцәа ариақәа, адуетқәа, аромансқәа нарыгӡон, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Бах, Шуберт, Глиук, Доницетти, Делиба, Бизе, Пуччини, Вагнер уҳәа убас егьырҭгьы.

Аконцерт хыркәшахеит алахәылацәа зегьы аԥсуа жәлар рашәа «Ахрашәа» рынагӡарала.

Read 29 times Last modified on Maandag, 22 Рашәара 2026 15:03