Атеатр маҷ Аԥсны имҩаԥнагоз агастрольқәа хыркәшоуп.
Рашәара 14 рзы РУСДРАМ аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аспектакль «Ахәмарҩцәа» арбара мҩаԥысит.
РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба иҭабуп ахиҳәааит Атеатр маҷ аколлектив ареспубликаҿы имҩаԥыргаз агастрольқәа рзы.
«Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа расҳәоит Атеатр маҷ иџьашьахәыз ԥшьымш рзы . Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәҟазаразы, шәбаҩхатәразы, шәгәыцқьаразы, Атеатр маҷ аҩаӡара ҳаракыла иахьныҟәыжәгои рзы», — иҳәеит иара.
Иара убас Хынҭәба дрыԥхьеит Борис Лиубимови Алексеи Дубровскии аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы Аԥсны ахада иусԥҟақәа.
Атеатр маҷ агастрольқәа раԥхьаӡакәны Аԥсны имҩаԥысит Урыстәыла акультура аминистрреи «Росконцерти» рыцхыраарала, апрограмма «Агастроль дуқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Рашәара 11, 12 рзы атруппа аԥсуа хәаԥшцәа иддырбеит аспектакль «Аԥҳәысҳәара», рашәара 13, 14 рзы «Ахәмарцәа».