Print this page
Woensdag, 06 Лаҵара 2026 11:01

Аҟәа иаатит аԥсуа напҟазацәа рнапкымҭақәа рцәыргақәҵа-ҭира

Аԥсуа напҟазацәа рнапкымҭақәа рцәыргақәҵа-ҭира аатит Аҟәа Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы.

Раалыҵ ӡырыргеит ацәаҟаҵаҩцәа, абџьарҟаҵаҩцәа, апарфиумерцәа уҳәа аҟазацәа аӡәырҩы.

Иара абраҟагьы иааухәар улшоит амилаҭтә чысқәеи аҳамҭаҷқәеи.

Ацәыргақәҵатә ҵакыра аартызаауеит жьҭаара 1 аҟынӡа.

Акультура аминистр Даур Ақаҩба иажәақәа рыла, ари аԥышәа ҳаԥхьаҟа атуристцәа бзиа еицырбо егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы аларҵәара ргәы иҭоуп.

 

Read 69 times