Print this page

Аԥсны акультуратә афиша: "Аҿар рыбжьы", аспектакльқәа, аџьаз

27 Хәажәкыр 2025 21

Хәажәкыра 24 инаркны 30 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу акультуратә усмҩаԥгатәқәа рафиша.

Шәаԥхьа, ишьақәшәаргыл шәкультуратә ԥсшьараамҭа. Аԥснытәи Аҳәынҭфилармониа Хәажәкыра 28 асааҭ 18:00 рзы – аестрадатә шәаҳәаҩцәа ХХIV рреспубликатә еицлабра "Аҿар рыбжьы" аконцерт хада. Аԥсуа драматә театр Хәажәкыра 25 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Шьапыла", арежиссиор Валери Ақаҩба. Аԥснытәи аҿар ртеатр Хәажәкыра 26 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Аамысҭа уаажәлар ирылахәу асиниор" Џьулио Скарничии Ренцо Тарабузи рырҿиамҭа аҟынтә. РУСДРАМ Хәажәкыра 25, 26 асааҭ 19:00 рзы – "Електра" арежиссиор Артиом Устинов. Хәажәкыра 27 асааҭ 19:00 рзы – аконцерт "Блюз-рок джазовой весны". Асценахь ицәырҵуеит Ерик Миқаа, Ҭамара Шьанаа, Денис Ҳагба, Роман Чежьиа, Ҭемыр Бибик. Хәажәкыра 28 асааҭ 19:00 рзы – Баграт Шьынқәба иҩымҭала иқәыргылоу аспектакль "Ацынҵәарах". Хәажәкыра 29 асааҭ 15:00 рзы – ахәыҷтәы спектакль "Буратино", арежиссиор Џьамбул Жордания. Хәажәкыра 30 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Аҵыҵындра", Џьума Аҳәба иҩымҭала.

Last modified on Donderdag, 27 Хәажәкыр 2025 11:56